https://sputnik-abkhazia.info/20231226/putin-urystyla-an-lmal-aara-aaraa-eieikit-1049619226.html
Путин Урыстәыла ан лмал аҭара аԥҟарақәа еиҭеикит
Путин Урыстәыла ан лмал аҭара аԥҟарақәа еиҭеикит
Sputnik Аҧсны
Уаанӡа азакәан аҿы иарбамызт ахәыҷы Урыстәыла иахьаҵанакуа иирала атәылауаҩра имазароуп ҳәа, насгьы иарбамызт убри аамҭазы иҭаацәагьы Урыстәыла... 26.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-26T10:20+0300
2023-12-26T10:20+0300
2023-12-26T10:20+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
владимир путин
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/08/1049370885_0:0:3109:1750_1920x0_80_0_0_cff13b5dc0ed970b7c19da87a28d57dd.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин азакәан инапы аҵеиҩит. Уи инақәыршәаны, ан лмал рзыршәалоит Урыстәыла атәылауаа, ахәыҷы даниуаз аамҭазы Урыстәыла иатәылауааз, ахәыҷы иира ашьаҭала Урыстәыла датәылауаҩызар. Адокумент кьыԥхьуп азинтә актқәа рофициалтә саит аҿы. Азакәан аҿы иарбоуп ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа рҿы инхо ан лмал роур шалшо атәылауаҩра ашьаҭеи аҿҳәареи ирыхьмырԥшыкәа. Азакәан аусура иалагоит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Ан лмал апрограмма Урыстәыла аус ауеит 2007 шықәса раахыс. 2024 шықәсазы аԥарашәара иартәеит 631 нызқьмааҭ актәи ахәыҷы изы, 834 нызқьмааҭ аҩбатәи ахәыҷы изы.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/08/1049370885_365:0:3096:2048_1920x0_80_0_0_0dbde54393902d103c054981f901fb57.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, владимир путин
ажәабжьқәа, владимир путин
Путин Урыстәыла ан лмал аҭара аԥҟарақәа еиҭеикит
Уаанӡа азакәан аҿы иарбамызт ахәыҷы Урыстәыла иахьаҵанакуа иирала атәылауаҩра имазароуп ҳәа, насгьы иарбамызт убри аамҭазы иҭаацәагьы Урыстәыла иатәылауаазароуп ҳәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин азакәан инапы аҵеиҩит.
Уи инақәыршәаны, ан лмал рзыршәалоит Урыстәыла атәылауаа, ахәыҷы даниуаз аамҭазы Урыстәыла иатәылауааз, ахәыҷы иира ашьаҭала Урыстәыла датәылауаҩызар.
Адокумент кьыԥхьуп азинтә актқәа рофициалтә саит аҿы.
Азакәан инақәыршәаны ахәыҷы атәылауаҩра иоуеит иани иаби урыстәылауаазар, урҭ руаӡәк дурыстәылауаҩызар, егьи – атәылауаҩра имамзар ма руаӡәы – дурыстәылауаҩызар, егьи дҳәаанырцәуаҩызар (ахәыҷы Урыстәыла дизар, аҳәаанырцәтәылауаҩра имамзар).
Азакәан аҿы иарбоуп ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа рҿы инхо ан лмал роур шалшо атәылауаҩра ашьаҭеи аҿҳәареи ирыхьмырԥшыкәа. Азакәан аусура иалагоит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
Ан лмал апрограмма Урыстәыла аус ауеит 2007 шықәса раахыс. 2024 шықәсазы аԥарашәара иартәеит 631 нызқьмааҭ актәи ахәыҷы изы, 834 нызқьмааҭ аҩбатәи ахәыҷы изы.