Аԥсны

Ԥхынҷкәын 31 ауха Аҟәа ауаажәларратә транспорт хәыда-ԥсада иныҟәалоит

Ԥхынҷкәын 31 ауха Аҟәа ауаажәларратә транспорт хәыда-ԥсада иныҟәалоит асааҭ 22:30 рҟынӡа. Ажьырныҳәа 1 - 3 рзы атранспорт аныҟәара ԥкхоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Ашықәс ҿыц ауха Аҟәа ауаажәларратә транспорт хәыда-ԥсада иныҟәалоит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы адиректор Леонид Шәлымба.

Иара иажәақәа рыла, ԥхынҷкәын 31 ауха Аҟәа ауаажәларратә транспорт хәыда-ԥсада иныҟәалоит асааҭ 22:30 рҟынӡа.

“Уаанӡатәи ашықәсқәа рзы асааҭ акы анахысгьы атранспорт аус ауан, аха апрактика иаҳнарбеит уи аамҭазы ауаажәларартә транспорт зҭаху шыҟам. Ауаа аиҳарак рхатә машьынақәа рыла иныҟәоит. 22:30 сааҭ рышьҭахь аҭагылазаашьа шыҟоу ҳахәаԥшуеит. Иаҭахны иҟалар атранспорт аусура иацнаҵоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ажьырныҳәа 1 - 3 рзы атранспорт аныҟәара ԥкхоит. Шәлымба иажәақәа рыла, арҭ амшқәа рзы аҳҭнықалақь аҿы ауаа маҷуп, аиҳарак ақыҭақәа рахь ицоит. Ажьырныҳәа 4 инаркны анаплакы абжьааԥаны еиԥш аус аулоит.