Аԥсны

Алхас Кәыҵниеи Урыстәыла АдәАР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Галузини еиԥылеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини аԥсуа-аурыс ганқәа 2023 шықәсазтәи русеицура алҵшәақәа ирылацәажәеит.
Кәыҵниеи Галузини Аԥсни Урыстәылеи русеицура ахәшьара бзиа арҭеит.
Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан абҵара 30 2022 шықәсазы.