Аԥсны

АТОР еиқәнаршәеит аӡынтәи аԥсшьара иазхиоу Аԥснытәи асасааирҭақәа 20 рсиа

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны ирацәахеит ашықәс зегьы аус зуа асасааирҭақәа, аотельқәа, апансионатқәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа еиқәнаршәеит СПА-комплексқәеи аԥхара зҵоу аӡҭарчқәеи рыла ишьақәгылоу Аԥсны иреиӷьу асасааирҭақәа 20 рсиа.
Ас еиԥш еиқәыршәоу асасааирҭақәа 12 Гагра араион аҟны иҟоуп, фба - Аҟәа, акы - Гәдоуҭа араион аҟны. Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны - Кындыӷ.
Зегь рыла еиқәыршәоу асасааирҭақәа иаҳа-иаҳа иахьацло иабзоураны, Аԥсны аӡынтәи аамҭаз атуризм азҿлымҳара еизҳауеит. Убыс, ҳреспублика 2024-тәи ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан еиҳа иалырхуа хырхарҭахеит.
Иазгәаҭоуп, атуроператор "Интурист" адыррақәа рыла аӡынтәи аныҳәақәа рзы атурқәа рыҭира хынтәны еиҳауп ҵыԥх аасҭа.
Уи адагьы атуристцәа уажәнатә аҭыԥқәа раанкылара иалагахьеит жәабрани хәажәкыреи амзақәа раантәи аныҳәамшқәа рзы аԥсшьарҭа ҭыԥқәа.
Ареспубликаҿ асезон ианаҵанамкуа асеиԥш аҭаххарақәа шьаҭаны ироуит ӡынгьы-ԥхынгьы аус зуа, акрыфара-акрыжәра ахьуыдыргало аԥсшьарҭақәа рырацәахара.
Аԥсны
Ашықәсҿыцызтәи аныҳәамшқәа рзы Аԥсны аԥсшьара зҭаху урыстәылаа рхыԥхьаӡара 23% еизҳаит