Аԥсны

2023 шықәсазы ашәахтәқәа рзы аплан 20% иацҵаны инагӡоуп

2023 шықәса рзы Аԥсны еизгоуп 818,2 млн мааҭ рыла еиҳаны ишарбаз аасҭа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2023 шықәсазы ашәахтәқәа рзы аплан 20% иацҵаны инагӡоуп ҳәа иҳәеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиа.
Еизгоуп 5,1 млрд мааҭ, планла 4,3 млрд мааҭ ахьарбаз.
Ииасыз ашықәс азы еизган 4,2 млрд мааҭ.