АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. 2023 шықәсазы Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа 28% иацҵан инагӡоуп, абри атәы Аминистрцәа реилазаара реилатәараҿы иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы аиҳабы Оҭар Хьециа.
Шықәсыктәи аплан нагӡоуп 807,9 млн мааҭ. 2023 шықәсазы 2,8 млрд мааҭ иартәон.
2024 шықәсазы аҳазалхратә шәарақәа 3,5 млрд мааҭ ҟалоит иҳәеит Хьециа.