Аԥсны

2024 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент иаднакылеит "2024 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы" азакәан аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарақәа рыла.
Ахашәалақәа рыла аҳәынҭбиуџьет амҽхак 15,5 млрд мааҭ ыҟоуп, аныхрақәа рыла - 16,2 млрд мааҭ, адефицит - 746,1 млн мааҭ.
Иааиуа ашықәс азы ареспубликатә биуџьет 12,097 млрд мааҭ ҳәа иазгәаҭоуп.
Арахь иаҵанакуеит урыстәылатәи афинанстә цхыраарагьы:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз - 3,9 млрд мааҭ,
Аинвестпрограмма анагӡараз ( 2023-2025 шш.) - 1,093 млрд мааҭ,
2022-2025 шш. рзтәи ареспублика асоциал-економикатә ҿиараз апрограмма анагӡараз 162 млн мааҭ.
Ареспубликатә биуџьет 2024шықәсазтәи аныхрақәа рзеиԥш мҽхакы - 12,8 млрд мааҭ. Адефицит - 735,6 млн мааҭ.
Адефицит аԥаразоужьра амҩаԥгаҩыс ишьоуп Афинансқәа рминистрра.
Акредитқәа рганахь ала ареспублика аҩныҵҟатә уал хыхьтәи аҩаӡара 772 млн мааҭ ҳәа ишьақәыргылазааит (ажьырныҳәа 1, 2025ш. аҭагылазаашьала).
Акредитқәа рганахь ала ареспублика адәныҟатә уал хыхьтәи аҩаӡара 1,021 млрд мааҭ ҳәа ишьақәыргылазааит (ажьырныҳәа 1, 2025ш. аҭагылазаашьала).