Аԥсны

2024 шықәсазы "Адемографиа аҿиараз" апрограммаала аԥарашәара шьҭыхәуп

Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра адҵоуп Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара 2024 шықәсазтәи аусбарҭабжьаратә хықәкытә программа "Адемографиа аҿиараз" шьақәнарӷәӷәеит.
Апрограмма ахықәкы хада - иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо аҭаацәара зныктәи аԥарашәара рзыҟаҵара аԥсуа милаҭ иеиуоу ахәыҷы ииразы.
2023 шықәсазы аԥсуа ҭаацәарақәа ироун:
Аҩбатәи ахәыҷы ииразы - 50 000 мааҭ,
Ахԥатәи ахәыҷы - 100 000 мааҭ,
Аԥшьбатәии ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа рзы - 200 000 мааҭ.
2024 шықәсазы аԥарашәара абасеиԥш иҟалоит:
Актәии, аҩбатәии, ахԥатәии ахәыҷқәа рзы - 100 000 мааҭ,
Аԥшьбатәии ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа рзы - 200 000 мааҭ.
Апрограмма иахықәкы хадоуп Аԥсны адемографиатә шәарҭадара азыԥхьагәаҭара Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо аԥсуа милаҭ еиуоу ахәыҷқәа рираан ацхыраара аҟаҵарала.