АҞӘА, ԥхынҷкәын 29– Sputnik. Аԥсны аминистрцәа реилазаара "2024 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" ахықәкытә программа шьақәдырӷәӷәеит.
Апрограммаз иазыԥхьагәаҭоуп 150 миллион мааҭ.
Аԥарақәа рзырхоуп:
ҵиааӡара аҿиара, шықәсыктәии акыршықәсатәии аҵиаақәа ашьапы аркра, акәыкәбаа аарыхрара;
-арахәааӡара;
аԥсыӡааӡара;
рҵәыреи апестицидқәеи раахәареи, иахәҭоу аусурақәа рымҩаԥгареи.
Апрограмма хықәкыс иамоуп:
аҩнуҵҟатәи аџьармыкьаҿы аҭыԥантәи аалыҵ алшарақәа реизырҳара;
ақыҭанхамҩатә ҵакырақәа рырҿиара рхархәара еиҳа хра аманы рыҟаҵара;
анхацәа (афермерцәа) рынхамҩақәа рырҿиара;
ақыҭанхамҩаалыҵ ахышхаҵышәа аизырҳара;
ақыҭа ауааԥсыра аусурҭа рыҭара, ақыҭатә ҵакырақәа рырҭбаара.
Апрограмма аусдҵақәа:
ақыҭанхамҩа аҿиара аҳәынҭқарратә финансцхыраара аҭара иазырхоу ауснагӡатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи;
аҵиаақәеи ақыҭанхамҩатә культурақәеи ркарантини рыхәышәәтреи рзы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара;
ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулареи аусеиҭадулареи рзы ааглыхра-техникатә база аԥҵареи арҿиареи аҳәынҭқарратә ԥаразоужьра рзыҟаҵара;
ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахашәаламазаара аизырҳара.