Аԥсны

Аԥсни Шьамтәылеи ркультуратә усбарҭақәа рыбжьара аусеицураз Аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәоуп

Аиқәшаҳаҭра ахықәкы – акультуреи аҟазареи русхкқәа рҟны ҩ-ганктәи аусеицура арҿиареи арҭбаареи, атәылақәа рыҩбагьы рмилаҭтә закәанԥҵарақәа инарықәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсни Шьамтәылеи ркультуратә усбарҭақәа рыбжьара аусеицураз Аиқәшаҳаҭра.
Аганқәа еинырлоит аҭоурыхтә акзаара, итрадициатәу акультуратә еимадара шьаҭас иҟаҵаны, Аԥсни Шьамтәылеи рыжәларқәа рыбжьара акраамҭатәи аиҩызара азыԥхьагәаҭо, аганқәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра напхгагас иҟаҵаны.
Аганқәа еиҿыркаалоит агастрольқәа, еицырзеиԥшу апроектқәа, апрофессионалтә коллективқәа рконцерттә программақәа, имҩаԥыргалоит акультура амшқәеи амчыбжьқәеи.