Аԥсны

Аԥсны анаркотикқәа алазырҵәоз Урыстәыла атәылауаҩ даанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29– Sputnik. Свердловтәи аобласт инхо Иури Конев даанкылоуп хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа ааихәон, иҵәахны иман, имҩанигон, иҭиуан ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура.
Конев иаанкылараан идбалан аметадон 15 грамм згәылаз аилаҳәара.
Уи аԥхьа иара Каштак аҳаблаҟны аҵәахырҭа маӡақәа ҟаиҵахьан, иааидкыланы 44 грамм.
Конев дахьынхоз аҟәатәи ауаҭах аҟны ирбеит апакетқәа, аелектронтә капанга, иара убас аметадон згәылаз аилаҳәыра.
Иааидкыланы Конев имхын 59 грамм аметадон.
Ашьаус хацыркуп.