Аԥсны

2024 шықәсазы Аҟәа раԥхьа ииз дҭыԥҳауп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны, ҳазҭалаз ашықәс азы раԥхьа диит аҭыԥҳа, Адлеиаа рҭаацәараҿы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара.
Ахәыҷы диит ашықәс ҿыц ауха асааҭ 3:00 рзеиԥш.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе иахьа ахәыҷы лҭаацәа шә-нызқь мааҭ асертификат ранеишьоит.