Аԥсны

АҶА: Аԥсны ашықәс ҿыц аҵх машәырда имҩасит

Ашықәс ҿыц ауха ауаа рацәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рыҟны, абылраҽацәхьчаратә маҵзуреи, амедицинаусзуҩцәеи, аиқәырхаҩцәеи ҷаԥшьон, урҭ рхыԥхьаӡара ҩынтәны еизырҳан.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Ԥхынҷкәын 31 ажьырныҳәа 1 руха Аԥсны машәырда имҩасит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит атәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрраҟны.
"Аҵх ҭынчраны, машәырда имҩасит", - ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит аусбарҭаҟны.
Аԥсны АҶА апресс-маҵзура аҟны ирҳәеит, арҭ аныҳәамшқәа зегь раан аусбарҭа аҟәшақәа зегьы аус шыруа.