Аԥсны

Аԥсны ашықәсҿыцызтәи аҵх шымҩаԥысыз атәы еиҭарҳәеит АҩАР

Уаанӡа, АҶА Sputnik иазеиҭарҳәахьан, аныҳәазтәи аҵх ҭынчны ишымҩасыз азы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иааидкыланы, ашықәсҿыцазтәи аҵх мҩасит машәырда, амилициа аусзуҩцәа досу ирыдҵаз ахырхарҭала иҷаԥшьон ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аҷаԥшьаратә хәҭақәа рыҟны арзаҳалқәа ҳәа акагьы рмоуӡеит.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ареспублика иқәынхо ауааԥсыреи асасцәеи рахь аҳәара ҟаиҵеит, ауаажәларратә леишәа иқәныҟәарц, рааигәа-сигәа иҟоу ашәарҭара иҭанаргыларатә еиԥш рхы мҩаԥырамгарц.
Арҭ аныҳәамшқәа рзы аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа руалԥшьақәа нарыгӡоит, атәыла аҩнуҵаҟа ашәарҭадара аԥҵаразы.
Аԥсны
АҶА: Аԥсны ашықәс ҿыц аҵх машәырда имҩасит