АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ашықәсҿыцазтәи адныҳәалара ҟаиҵеит.
Иара итәылауаа иргәалаиршәеит иҳаҩсыз 2023 шықәса Урыстәыла амилаҭтә интересқәа шахьчоз, уи ахақәиҭреи ашәарҭадареи ишырзықәԥоз. Урыстәылаа зегьы еидызкылоны иҟоу реиҳа ихадоуп Аԥсадгьыл аԥеиԥш азхәыцра, иахьа уи зҭагылоу аҭоурыхтә аамҭа акыр шаҵанакуа аилкаара.
"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ари аамҭазы ҳара ҳнапы иаку шырацәоу, ҳара уаҵәтәи ҳамш ҳшазыҟоу, ҳшеидгылоу, ҳажәеи ҳуси шеимадоу иахьыԥшу рацәоуп. Ҳзеиԥш ус азы иаҳбо аџьабаа ҳауаажәлар еиднакылеит. Есыҽны акәзаргьы, ныҳәамшзаргьы, ҳара Ҳаԥсадгьыл азы еицаҳзеиԥшу аҟазшьақәа ааҳарԥшуеит: аидгылара, агәыҳалалра, аӷәӷәара", - ҳәа иҳәеит Путин.
Путин Украина арратә операциа ҷыда иалахәу аруаа рахь ихы нарханы иҳәеит Урыстәыла зегьы урҭ ишрызгәыдуу, урҭ рфырхаҵара бираҟҵас ишахәаԥшуа.
Урыстәыла ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит дара ракзаара еилазго, ргәалашәара еицазкуа, рабацәа рыгәрагара рыцәзырӡуа, атәыла аҿиарамҩа аанызкыло мчык шыҟам.
Путин инаҵшьны иҳәеит ҳазҭалаз 2024 шықәса Аҭаацәа иашықәсны ишрылаҳәоу, Урыстәыла аҭаацәарақәа зегьы ирзеиӷьеишьеит бзиарас иааҟоу зегьы.