https://sputnik-abkhazia.info/20240101/urystyla-akhada-vladimir-putin-itylauaa-rakh-ashysytsazti-aama-aieit-1049712906.html
Урыстәыла ахада Владимир Путин итәылауаа рахь ашықәсҿыцазтәи аҳәамҭа ҟаиҵеит
Урыстәыла ахада Владимир Путин итәылауаа рахь ашықәсҿыцазтәи аҳәамҭа ҟаиҵеит
Sputnik Аҧсны
Путин абжьааԥнеиԥш Кремль аԥхьа дгыланы иуаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Уи ԥшь-минуҭк ицон. Раԥхьа избан Камчатка инхо роуп. 01.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-01T00:40+0300
2024-01-01T00:40+0300
2024-01-01T01:03+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/1f/1049711308_0:272:3071:1999_1920x0_80_0_0_2808d2c5617888ff1a5521749c83c181.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ашықәсҿыцазтәи адныҳәалара ҟаиҵеит.Иара итәылауаа иргәалаиршәеит иҳаҩсыз 2023 шықәса Урыстәыла амилаҭтә интересқәа шахьчоз, уи ахақәиҭреи ашәарҭадареи ишырзықәԥоз. Урыстәылаа зегьы еидызкылоны иҟоу реиҳа ихадоуп Аԥсадгьыл аԥеиԥш азхәыцра, иахьа уи зҭагылоу аҭоурыхтә аамҭа акыр шаҵанакуа аилкаара.Путин Украина арратә операциа ҷыда иалахәу аруаа рахь ихы нарханы иҳәеит Урыстәыла зегьы урҭ ишрызгәыдуу, урҭ рфырхаҵара бираҟҵас ишахәаԥшуа. Урыстәыла ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит дара ракзаара еилазго, ргәалашәара еицазкуа, рабацәа рыгәрагара рыцәзырӡуа, атәыла аҿиарамҩа аанызкыло мчык шыҟам.Путин инаҵшьны иҳәеит ҳазҭалаз 2024 шықәса Аҭаацәа иашықәсны ишрылаҳәоу, Урыстәыла аҭаацәарақәа зегьы ирзеиӷьеишьеит бзиарас иааҟоу зегьы.
https://sputnik-abkhazia.info/20240101/aslan-bzhania-asny-zhlar-ashys-yts-rydinyaleit-1049711815.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/1f/1049711308_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_57175f67ddbfcf07e88ac48428c115cf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәыла ахада Владимир Путин итәылауаа рахь ашықәсҿыцазтәи аҳәамҭа ҟаиҵеит
00:40 01.01.2024 (ирҿыцуп: 01:03 01.01.2024) Путин абжьааԥнеиԥш Кремль аԥхьа дгыланы иуаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Уи ԥшь-минуҭк ицон. Раԥхьа избан Камчатка инхо роуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ашықәсҿыцазтәи адныҳәалара ҟаиҵеит.
Иара итәылауаа иргәалаиршәеит иҳаҩсыз 2023 шықәса Урыстәыла амилаҭтә интересқәа шахьчоз, уи ахақәиҭреи ашәарҭадареи ишырзықәԥоз. Урыстәылаа зегьы еидызкылоны иҟоу реиҳа ихадоуп Аԥсадгьыл аԥеиԥш азхәыцра, иахьа уи зҭагылоу аҭоурыхтә аамҭа акыр шаҵанакуа аилкаара.
"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ари аамҭазы ҳара ҳнапы иаку шырацәоу, ҳара уаҵәтәи ҳамш ҳшазыҟоу, ҳшеидгылоу, ҳажәеи ҳуси шеимадоу иахьыԥшу рацәоуп. Ҳзеиԥш ус азы иаҳбо аџьабаа ҳауаажәлар еиднакылеит. Есыҽны акәзаргьы, ныҳәамшзаргьы, ҳара Ҳаԥсадгьыл азы еицаҳзеиԥшу аҟазшьақәа ааҳарԥшуеит: аидгылара, агәыҳалалра, аӷәӷәара", - ҳәа иҳәеит Путин.
Путин Украина арратә операциа ҷыда иалахәу аруаа рахь ихы нарханы иҳәеит Урыстәыла зегьы урҭ ишрызгәыдуу, урҭ рфырхаҵара бираҟҵас ишахәаԥшуа.
Урыстәыла ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит дара ракзаара еилазго, ргәалашәара еицазкуа, рабацәа рыгәрагара рыцәзырӡуа, атәыла аҿиарамҩа аанызкыло мчык шыҟам.
Путин инаҵшьны иҳәеит ҳазҭалаз 2024 шықәса Аҭаацәа иашықәсны ишрылаҳәоу, Урыстәыла аҭаацәарақәа зегьы ирзеиӷьеишьеит бзиарас иааҟоу зегьы.