АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. 2023 шықәсазы Аԥсны амҩақәа рыҟны 186 машәыр ашәҟәы иҭаргалеит ҳәа иҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Валентин Ҭраԥшь АҩАР аҳасабырбатә еилацәажәараҟны.
"2023 шықәса аҩнуҵаҟа Аԥсны ашәҟәы иҭагалоуп 186 машәыр, урҭ ирыхҟьаны 57-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 264-ҩык ахәрақәа роуит. 2022 шықәсазы, абри аамҭа иаҿурԥшуазар, ашәҟәы иҭагалан 214 машәыр, уи иахҟьаны 64-ҩык ҭахеит 296-ҩык ахәрақәа роуит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҭраԥшь иазгәеиҭеит, ҵыԥхцәатәи ашықәс иаҿырԥшны 2023-тәи ашықәс азы амҩатә машәырқәа 28 рыла ишмаҷыз, иҭахазгьы 7-ҩык рыла ишеиҵаз, ахәрақәа зауз - 23-ҩык рыла.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут адҵа риҭеит амҩан амашәырқәа раԥырҟәҟәаразы русура дырӷәӷәарц, иазгәеиҭеит есышықәса ареспубликаҿ амашьынақәа рхыԥхьаӡара ишазҳауа. Иҳәеит аԥыжәара шаҭатәу, ижәны, анаркотикатә маҭәашьарқәа здкыланы амашьына аԥсҟы зко рахьырхәра.
Амҩан амашәырқәа раԥырҟәҟәаразы АҩАР иаарласны ареспубликатә мҩаду хадаҟны ишьақәнаргыларан иҟоуп афотои авидеои ҭызхуа акамерақәа 17. 2025 шықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара 50 цыра рҟынӡа еизҳауеит.