Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина итҟәаны ирымаз урыстәылатәи аруаа 250-ҩык инарзынаԥшуа ырхынҳәуп

ЕАЕ рыбжьацәажәара иабзоураны атҟәацәа рырхынҳәра алыршахеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Аиҿцәажәарақәа ирлыҵшәаны иалыршахеит урыстәылатәи аруаа 248-ҩык украина итҟәаны ирымаз рырхынҳәра. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"Иуадаҩыз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны киевтәи арежим иахьаҵанакуа адгьылҵакыраҟынтәи ирхынҳәуп 248-ҩык урыстәылатәи аррамҵзурауаа. Итҟәаз урыстәылатәи аруаа рырхынҳәра алыршахеит агуманитартә ҟазшьа змаз Еиду Арабтәи Емиратқәа рыбжьацәажәара иабзоураны", - ҳәа аҳәоит аҭыжьымҭаҿы.

Иазгәаҭоуп, зхы иақәиҭтәхаз атҟәацәа амедицинатәи апсихологиатәи цхыраара шрыҭахо. Анаҩс, дара Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амедусбарҭақәа рахь ишдәықәҵахо ргәабзиара ашьақәыргылараз.