Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аракета "Нептун" Амшын еиқәа аҵакыраҿы икарыжьит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Урыстәыла Аҳауаҽацәыхьчаратә мчрақәа украинатәи аракета "Нептун" Амшын еиқәа аҵакыраҿы икарыжьит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Ажьырныҳәа хәба 2024 шықәсазы асааҭ 12:30 рзы урыстәылатәи аҵакыраҿы игылоу ахыбрақәа рыжәларазы ихылаз украинатәи аракета "Нептун" ҭархан", - азгәаҭоуп аусбарҭаҿы.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ирҳәеит мчыбжьык иалагӡаны ишҭархоу аракетақәа Storm Shadow ааба, атактикатә ракетақәа "Точка-У" 14, HIMARS ахгәыцәқәа 117, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 253.