Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчагақәа HIMARS ахгәыцәқәа хԥа ԥыржәеит уахыки-ҽнаки рыла

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчагақәа HIMARS ахгәыцәқәа хԥа ԥыржәеит уахыки-ҽнаки рыла, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭа иаанацҳауеит, аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи УАМ артиллериатә ҟәшақәа 113 ааха рырҭеит, 117 раион рҿы аруааи атехникеи ҭадырхеит.
Купиантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла урыстзылатәи аруаа иҭадырхеит УАМ аибашьцәа шәҩык, аибашьыгатә машьынақәа ҩба, амашьынақәа хԥа, РСЗО "Ольха" машьынак, РСЗО "Vampire" х-машьынак. Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп-120-ҩык аибашьцәа, акәылӡымашьынақәа хԥа, ҩ-машьынак.
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла, УАМ иацәыӡит 190-ҩык аруаа, аршьаҟауаа реибашьыгатә машьынақәа ҩба, акәылӡымашьынақәа хԥа, амашьынақәа 12, артиллериатә система М777, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла М109 "Paladin".
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 170-ҩык, акәылӡымашьынақәа хԥа, апикапқәа быжьба, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", агаубица Д-30.
Запорожиетәи ахырхарҭаҿы УАМ иацәыӡит 40 солдаҭ, аибашьыгатә машьынақәа хәба, х-машьынак. Херсонтәи ахырхарҭаҿы-30-ҩык украинатәи аибашьцәеи х-машьынаки.