АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. 2023 шықәсазы арыжәтә џьбара ыжәны аԥсҟы зкыз амашьынарныҟәцаҩцәа еиҳа еиҵоуп 2022 шықәса аасҭа. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа 12 мзы рыҩнуҵаҟа зынӡа илрыҩааит 4653 хараԥса, арҭ арбагақәа 27,8% рыла еиҵоуп ҵыԥх аасҭа.
Аԥкаанҵақәа рацәаны ашәҟәы иҭагалоуп Аҟәа-1410. Анаҩсан Гәдоуҭа-1009 хараԥса, ахԥатәи - Гагра, уаҟа арыжәтә џьбара ыжәны аԥсҟы зкыз амашьынарныҟәцаҩцәа рганахьала илҩаауп 831 хараԥса.
Аԥсны АҩАР адыррақәа рыла, 2023 шықәса раԥхьатәи амзазы ашәҟәы иҭагалана 917 хараԥса, егьырҭ амзақәа рзы амҩатә ԥҟарақәа реилагаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҵахон, ԥхынҷкәынмзазы иаарԥшын 196-ҩык.
Иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ахараԥса рыдырҵеит зықәра наӡамкәа амашьына аԥсҟы зкыз ҩыџьа. 2022 шықәсазы аиԥш зеиԥшу азинеилагаразы иаанкылаз 13 шықәса ихыҵуан. 2023 шықәсазы иаанкылаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан 83 шықәса зхыҵуазгьы.
Арыжәтә џьбара ыжәны аԥсҟы зкыз аҳәса 51-ы ашәҟәы иҭагалан 2023 шықәсазы. 2022 шықәсазы 75-ҩык.