Аԥсны

Ашәба еиҭеиҳәеит Қьырсаныҳәа аԥсуаа ишазгәарҭо, уи иамоу акәамаҵамарақәа

Sputnik
Ақьырсиантә тәылақәа зегьы рҟны иазгәарҭоит Қьырса аныҳәа ду амш. Аԥсуаа уи жәытәаахыс иазгәарҭон ақьырсиантә ҵасқәа рылагьы, иара убас ажәлар рхатә знеишьақәагьы рыманы.
Қьырсаныҳәа лаша аҵакы, уи аԥсуаа ишазгәарҭо атәы дырзааҭгылеит аетнолог, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.