АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Аб Бассариан (Аԥлиа) Қьырсаныҳәа аламҭалазы анцәахаҵаҩцәа ацқьареи адинҵасреи рзеиӷьеишьеит, абри атәы аҩуеит "Аԥсныпресс".
Ауаажәларра рыҩнуҵҟа ихадароуп- ацқьареи адинҵасреи. Анцәа иахь иҳамоу абзиабароуп ҳҳәынҭқарра аргылараҿы амч ҳазҭо", - иҳәеит Аб Бассариан.
Қьырсаныҳәа иазку анцәаимҵаныҳәарақәа Аԥсны аус зуа ауахәамақәа зегьы рҿы имҩаԥгахоит.
Аиашахаҵаратә қьырсианцәа ажьырныҳәа 7 рзы Қьырсаныҳәа азгәарҭоит. Евангелиа излаҳәо ала, Аԥаимбар Вифлеемтәи ахьчацәа ирылеиҳәеит агәырӷьара ду шыҟалаз, ауаа реиқәырхаҩ Иаса Қьырса дышииз. Аиашахаҵаратә қьырсиантә мзар инақәыршәаны Қьырсачгара мҩаԥысуеит абҵара 27 инаркны ажьырныҳәа 6 рҟынӡа.