Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны ауааԥсыра Қьырса аныҳәа рыдиныҳәалеит

Ақьырсианраҿы зегь реиҳа ихадоу аныҳәақәа ируаку Иаса Қьырса иира аныҳәа азгәарҭоит ажьырныҳәа 7 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақьырсиан иашахаҵаҩцәа ирыдиныҳәалеит илашоу Иаса Қьырса иира амшныҳәа. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Қьырсаныҳәа аиҭакра бзиақәа, иҿыцу ашьаҿақәа рыҟаҵараз агәацԥыҳәара ҳазҭо ныҳәоуп. Иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа аибашьрақәа, абсабаратә рыцҳарақәа, иаҳгәаладыршәоит Анцәа ихаҵареи, аидгылареи, аизыразреи, арыцҳаибашьареи, абзиабареи шхадароу", - ҳәа азгәҭоуп адныҳәалара аҟны.
Атәыла ахада Аԥсны иқәынхо ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи аинҭәылареи.