Аԥсны

Ақьырсиан иашахаҵаҩцәа иазгәарҭоит Қьырсаныҳәа

Иаса Қьырса иира амшныҳәа ихадоу ақьырсиан ныҳәақәа 12 ируакуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Ажьырныҳәа 6-7 руха адунеи зегь аҟны миллионҩыла иазгәарҭеит ауахәаматә ныҳәақәа ирхадоу — Иаса Қьырса иирамш.
Аныҳәа аламҭалазы Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Аб Бассариан (Аԥлиа) аиашахаҵаҩцәа дрыдныҳәало иазгәеиҭеит, аныҳәа аиқәырхареи аԥсҭазаараҿ наунагӡа аҟазаареи ишырсимвалу.
"Ауаажәларра рзы ихадароу - ацқьареи адинҵасреи. Анцәа иахь иҳамоу абзиабароуп ҳҳәынҭқарра аргылараҿы амч ҳазҭо", - иҳәеит Аб Бассариан.
Аԥсны аус зуа ауахәамақәа зегьы рҿы ажьырныҳәа 6 асааҭ 23:00 рзы иалагеит Қьырсаныҳәа иазкыз аныҳәатә Анцәаимҵаныҳәарақәа.
Қьырсаныҳәа азгәаҭара хыркәшахоит Анцәахаҵаратә литургиала.