Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аракета С-200 Белгородтәи аобласт аҿы икарыжьит

Иҷыдоу арратә операциа иалагеижьҭеи украинатәи аруаа Урыстәыла аҳәаа иаԥну аҵакырақәа лассы-лассы ирылахысуеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. Урыстәылатәи Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи аракета С-200 Белгородтәи аобласт ианахаԥраауаз икарыжьит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Асааҭ 07.00 рзы киевтәи арежим азениттә ракета С-200 ала Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы адгьыл аҿы имҩаԥнагарц иаҭахыз атеррористтә жәылара аԥырҟәҟәаан Белгородтәи аобласт аҿы", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Украинатәи архәҭақәа Белгород агәы иалахысит ԥхынҷкәын 30 рзы комбинациала иҟаз харабӷьара Украинантәи иаарышьҭыз ахымца шажәырҵаз ҩ-ракетак "Ольха" ала, уи иагәылан адунеи аҿы изқәиҭым акассетатә џьаԥҳани Чехиа иҟаҵоу аицҭырҟьаратә снариадқәа "Vampire"-и. "Ольха", иара убас аснариадқәа рыхәҭак аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит, аха уеизгьы аракетатә снариадқәеи икарыжьыз аракетақәа ркассетатә хәҭақәеи ақалақь иалаҳаит.
Иҭахеит 25-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп хәҩык ахәыҷқәа, шәҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит. Владимир Путин иҟалаз терактуп ҳәа ахиҳәааит.
Урыстәыла
Белгородтәи аобласт аҟны иаԥырҟәҟәаауп УАМ аракетатә жәылара
Ажьырныҳәа 2 рзгьы аобласт аракетақәа аларыжьит - "Ольха"-қәа 24, "Точки-У" - 2. Ари атеракт аан дҭахеит аӡәы, 12-ҩык ахәрақәа роуит.
Урыстәыла ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит ауаҩшьра, ауаҩшьразы аҽазышәара, гәҭакрала атәым мазара ақәхреи абжьыхреи рзы. Ақалақь аҿы аус руеит ашьаусԥшааҩцәа, аекспертцәа, акриминалистцәа, урҭ ахҭыс шыҟалаз ҭырҵаауеит.