Урыстәыла

280-нызқьҩык атуристцәа аҭааит Шәача ашықәсҿыцызтәи аныҳәақәа рзы

2023 шықәса аихшьаалақәа рыла Шәача 7,6 миллионҩык аԥсшьаҩцәа аҭааит .
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik. Ашықәсҿыцызтәи аныҳәақәа рзы Шәача иаҭааит 280-нызқьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа, ҵыԥхтәи ашықәс аасҭа 4% еиҳауп. Абри атәы икьыԥхьит ақалақь ахада Алексеи Копаигородски ихатәы Telegram-канал аҟны.
Иара иажәақәа рыла, иахьанӡа асасааирҭақәа 70% ишҭәыц иаанхоит.
"2024 шықәсатәи раԥхьатәи аихшьаалақәа ҟаҵоуп. Ашықәсҿыцызтәи аныҳәамшқәа рзы Шәача иаднакылеит 280-нызқьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа. Ҳара иазгәаҳҭеит атуристцәа 4% рыла ишеиҳахаз ҵыԥх аасҭа. Абри атәы арҵабыргоит ақалақьнҭыҵтәи адәыӷбақәа рпассаџьырцәеи Краснаиа Полиана зхатәы машьынақәа рыла ихало рырацәахареи", - ҳәа иҩуеит Копаигородски.
2023 шықәса иаҿырԥшы, сынтәа Аԥсны ашықәсҿыцызтәи аԥсшьара иаауа 5% еизҳаит ҳәа уаанӡа ирҳәахьан Атуризм аминистрраҟны.