Аԥсны

Аԥснытәи ашьапылампыласцәа Сириус аԥхьахәқәа ргеит

"Ашьапылампыл азы аицлабра "Ашықәсҿыцазтәи ахраҿа" мҩаԥысуеит Сириус ажьырныҳәа 3-9 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи ашьапылампыласцәа ркомандақәа Сириус аԥхьахәқәа ргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашьапылампыл академиа Unity азыҟаҵаҩ Лаша Коӷониа.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны ахьӡала аицлабра ишалахәыз ԥшь-командак - досу рықәра инақәыршәаны.

"2012 шықәса рзы ииз ахԥатәи аҭыԥ ргеит, 2013 шықәса рзы ииз - аҩбатәи аҭыԥ, 2014 шықәсазы ииз - актәи аҭыԥ. 2015 шықәсазы ииз ракәзар - иааныркылеит аԥшьбатәи аҭыԥ. Иара убас, ҳаҷкәынцәа хаҭалатәи аԥхьахәқәа маҷымкәа ириааит", - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Коӷониа иажәақәа рыла, Аԥснытәи асасцәа Шәача ибзианы ирыдыркылеит. Аматчқәа раан изныкымкәа Аԥсны агимни егьырҭ аԥсуа ашәақәеи аҿаркуан.
Зынӡа аицлабра иалахәын 30 команда - аспортсменцәа ааит Шәача, Москва, Саратов, Одинцово, Ростов-на-Дону, Екатеринбург, Аҟәа уҳәа рҟынтәи.