Аԥсны

2023 шықәсазы зегь реиҳа аԥсҭбарақәа зцыз амҩа машәырқәа ҟалеит Гәдоуҭа араион аҿы

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. 2023 шықәсазы зегь реиҳа аԥсҭбарақәа зцыз амҩа машәырқәа ҟалеит Гәдоуҭа араион аҿы - 12 мзы рыла- иҭахеит 25-ҩык.
Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура излаанацҳаз ала, Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаа Асҭамыр Ҭаниеи Рауль Ҳагбеи араион аҿы ахатә еилазаара алархәны аилацәажәара мҩаԥыргеит.
Анапхгараҿы ишырҳәо ала, угәы змырҭынчуа астатистика мзызс иамоуп егьырҭ рнаҩс аусзуҩцәа рнапынҵақәа қәнагала иахьынармыгӡогьы.
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа рнапы ианҵоуп:
амҩа ныҟәара ашәарҭадара аиҿкааразы аусура арӷәӷәара,
арыжәтә џьабара ыжәны, ма анаркотик зыдкыланы иҟоу арныҟәцаҩцәа активла раарԥшра,
апассаџьыртә мҩангарақәа рыцклаԥшра,
еиҳа зҭагылазаашьа шәарҭоу амҩа ныҟәара иалахәу ашьаҟауааи ахәыҷқәеи ршәарҭадаразы аусура арцыхцыхра.
Иазгәаҭоуп ашықәс анҵәамҭазы 50 цыра афото, авидеонҵамҭақәа ҟазҵо акамерақәа рықәыргылара, уи иабзоураны аԥҟарақәа еилазго рыԥшаара еиҳа имариахоит.
Аусзуҩцәа Гәдоуҭа ареид мҩаԥыргеит. Уи иалҵшәаны амҩа аԥҟарақәа реилагарақәа 45 аарԥшын, ҩыџьа арыжәтә ыжәны иҟан, хәҩык арныҟәцаратә гәраргага рымамызт, зықәра намӡац аӡәы дақәтәан, быжьҩык асаркьақәа мыцхәы идыреиқәеит.
Ижәны иҟаз арныҟәцаҩцәа рмашьынақәа рымхын, шықәсыбжак ҳәа рырныҟәцаратә гәраргагақәа рымхын, ахараԥса 30 нызқь мааҭ ршәараны иҟоуп.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион анхацәа хҩык ақәылара руит ҳәа ахара рыдырҵоит