https://sputnik-abkhazia.info/20240110/troikh-zhiteley-gudautskogo-rayona-obvinili-v-razboynom-napadenii-1049791147.html
Гәдоуҭа араион анхацәа хҩык ақәылара руит ҳәа ахара рыдырҵоит
Гәдоуҭа араион анхацәа хҩык ақәылара руит ҳәа ахара рыдырҵоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Ақәылара руит ҳәа ахара рыдырҵоит Дәрыԥшь ақыҭа анхацәа ҩыџьа - Владимир Тәанбеи Заур Тәанбеи, иара убас урҭ дрыцхраауан ҳәа... 10.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-10T20:36+0300
2024-01-10T20:36+0300
2024-01-11T00:11+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/12/1049494893_0:453:2780:2016_1920x0_80_0_0_e6215b7e601b8f96332517e92500b9a3.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Ақәылара руит ҳәа ахара рыдырҵоит Дәрыԥшь ақыҭа анхацәа ҩыџьа - Владимир Тәанбеи Заур Тәанбеи, иара убас урҭ дрыцхраауан ҳәа Ҟәланырхәа ақыҭа анхаҩы Ефрем Ешбеи. Абри атәы аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура. Ешба дааныркылеит Гәдоуҭа, Владимир Тәанбеи Заур Тәанбеи ааныркылеит Гагра, аҵыхәтәан зыӡбахә ҳәоу идырбалеит иӷьычыз аҭел.Иазгәаҭоуп дара уахынла лыҩны ишыҩналаз, илықәлан дшырԥҟаз, ҳәызбала аԥҟарсҭақәа шылнырҵаз. Аԥара анырмоу, дара лҭел лымырхын Ешба зыԥсҟы икыз амашьынала иқәҵит.Ашьаусԥшаара мҩаԥнагоит Гәдоуҭатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша ашьаусԥшааратә гәыԥ.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/12/1049494893_0:0:2732:2048_1920x0_80_0_0_982791cff883b1127a791747fa685169.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Гәдоуҭа араион анхацәа хҩык ақәылара руит ҳәа ахара рыдырҵоит
20:36 10.01.2024 (ирҿыцуп: 00:11 11.01.2024) АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Ақәылара руит ҳәа ахара рыдырҵоит Дәрыԥшь ақыҭа анхацәа ҩыџьа - Владимир Тәанбеи Заур Тәанбеи, иара убас урҭ дрыцхраауан ҳәа Ҟәланырхәа ақыҭа анхаҩы Ефрем Ешбеи. Абри атәы аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура.
Ешба дааныркылеит Гәдоуҭа, Владимир Тәанбеи Заур Тәанбеи ааныркылеит Гагра, аҵыхәтәан зыӡбахә ҳәоу идырбалеит иӷьычыз аҭел.
Ашьаус аматериалқәа рыла, Владимири Заури Тәанаа Ешба иҟынтәи адырра роуит Ҟәланырхәа ақыҭан хатәыҩнык аҿы аамҭала инхоз аԥҳәыс амандарина ҭины иаҭнылхыз аԥара ҵәахны илымоушәа.
Иазгәаҭоуп дара уахынла лыҩны ишыҩналаз, илықәлан дшырԥҟаз, ҳәызбала аԥҟарсҭақәа шылнырҵаз. Аԥара анырмоу, дара лҭел лымырхын Ешба зыԥсҟы икыз амашьынала иқәҵит.
Ашьаусԥшаара мҩаԥнагоит Гәдоуҭатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша ашьаусԥшааратә гәыԥ.