Аԥсны

Гәдоуҭа араион анхацәа хҩык ақәылара руит ҳәа ахара рыдырҵоит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Ақәылара руит ҳәа ахара рыдырҵоит Дәрыԥшь ақыҭа анхацәа ҩыџьа - Владимир Тәанбеи Заур Тәанбеи, иара убас урҭ дрыцхраауан ҳәа Ҟәланырхәа ақыҭа анхаҩы Ефрем Ешбеи. Абри атәы аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура.
Ешба дааныркылеит Гәдоуҭа, Владимир Тәанбеи Заур Тәанбеи ааныркылеит Гагра, аҵыхәтәан зыӡбахә ҳәоу идырбалеит иӷьычыз аҭел.

Ашьаус аматериалқәа рыла, Владимири Заури Тәанаа Ешба иҟынтәи адырра роуит Ҟәланырхәа ақыҭан хатәыҩнык аҿы аамҭала инхоз аԥҳәыс амандарина ҭины иаҭнылхыз аԥара ҵәахны илымоушәа.

Иазгәаҭоуп дара уахынла лыҩны ишыҩналаз, илықәлан дшырԥҟаз, ҳәызбала аԥҟарсҭақәа шылнырҵаз. Аԥара анырмоу, дара лҭел лымырхын Ешба зыԥсҟы икыз амашьынала иқәҵит.
Ашьаусԥшаара мҩаԥнагоит Гәдоуҭатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша ашьаусԥшааратә гәыԥ.