АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит Аԥсны аԥсыӡкра аамҭа шымҩаԥысуа.
"Ишьақәырӷәӷәоу аквота 27 нызқь тонна рҟынтәи, иахьатәи аамҭазы 20 нызқь тонна аԥсыӡ ркхьеит. Ҵыԥх аԥсыӡкра аамҭа еиԥҟьеит, сынтәа ибзианы имҩаԥысуеит. Аԥсыӡкразы иаԥҵоу аԥҟарақәа реилагара ҟалом. Иахьатәи аамҭазы иҟоу аилагара ҳәа акоуп- аҟәара аҟынтәи 500 метра иазааигәаны аԥсыӡ ркоит, ҩ-хҭыск ашәҟәы иҭагалоуп", - иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.
Ас еиԥш аилагара азгәаҭан гагратәи аӡымҽхак аҟны. Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәеи аекологиазы аҳәынҭеилакы аусзуҩцәеи аӷба аҟәатәи абаӷәазахь иааргеит, уажәазы аусеилыргара цоит. Аиԥш зеиԥшу аилагара азгәаҭан Гәдоуҭа араион аҟны, уи аӷбагьы аҟәаҟа иааргеит, иҳәеит Ҷыҭанаа.
"Ахьырҳәра ҳәа ирыдырҵо атәы аҳәара уадаҩуп. Уи еилкаахоит аусҭҵаара ашьҭахь, аҟазауаа аӷба шаҟа аԥсыӡ ақәыз анеилыркаалакгьы. Ахараԥса акәхар ҟалоит, иара убас 24, 48, 72 сааҭ рҟынӡа аԥсыӡкразы азин рымырхыр ҟалоит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, Аԥснытәи аӡиасқәа рҟны аӷбақәа аԥсыӡкра азин рымаӡам. Иахьатәи аамҭазы ас еиԥш азинеилагара ҳәа акгьы азгәаҭам.
Ақалақь иалышәшәо аԥсыӡ афҩы ауаҩы игәабзиара иаԥырхагам иҳәеит Ҷыҭанаа.
Ԥхынҷкәын 1 азы Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит 2023-2024 шш. рзы ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаз акамшьиа 27 нызқь тонна рҟынӡа акра ҟалоит ҳәа. Ԥхынҷкәын 29 рзы Аԥсны аԥсыӡкра аамҭазы акамшьиа акразы аквота даҽа 25 нызқь тонн рҟынӡа иацырҵар ҟалоит иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.