Аԥсны

Цандрыԥшь аҳаблан иҟалаз амцакра иахҟьаны ф-ҭаацәарак хыҵакырҭада иаанхеит

Октиабртәи амҩан игылоу 12-тәи аҩнаҟны 13 уаҭах ыҟан, иахьазы ауадақәа рҟны унхартә иҟам.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Цандрыԥшь аҳаблан ажьырныҳәа 1 ауха иҟалаз амцакра иахҟьаны ф-ҭаацәарак хыҵакырҭада иаанхеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳабла ахада Адгәыр Дасаниа.
"Ари аҩны ажәытә зеиԥшынхарҭа ахыбра ауп, зынӡа 13 уаҭах ыҟоуп, ф-ҭаацәарак нхон. Иахьазы дара рыуацәеи ргәылацәеи рҟны инхоит", - иҳәеит Дасаниа.
Амашәыр иақәшәаз аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭахоит.
"Аҩны аиҭашьақәыргылара алшоит. Иахьазы ахарџьнҵа аиқәыршәара иаҿуп, араион ахадара рыцхыраарала аусурақәа нагӡахоит. Хыҵакырҭада иаанхаз ауаа ҳрыцхраауеит", - иҳәеит иара.
Дасаниа иажәақәа рыла, иблыз ауадақәа рҟны унхартә иҟам.