Аԥсны

Гагра ахәҭак ауааԥсыра хымш ҵуеит ӡыда иҟоуижьҭеи

Гагратәи аӡыҭгагатә станциақәа "Репруа-1", "Репруа-2" аусура еиԥҟьеит ажьырныҳәа 10 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Гагратәи аӡыҭгагатә станциа афымцатә цәаҳәа ахьԥҵәаз аҭыԥ аԥшаара иаҿуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Автонхамҩаҷыда" аиҳабы Ҭимур Бигәаа.
"Иацы аԥхасҭа ахьыҟаз ԥшааны ирҽеин, аха ауадаҩрақәа цәырҵит ацәаҳәа хадаҿы. Аҟәантәи еиҭаҵуа алабораториа ааит, аҟазауаа ацәаҳәа ахьԥҵәаз аҭыԥ аԥшаара иаҿуп. Аусурақәа анхыркәшахо аҳәара сцәыуадаҩуп, амшгьы иаҳнаҭаӡом", - иҳәеит иара.
Бигәаа иажәақәа рыла, аԥшьаша ахәылбаҽха ауааԥсыра аӡыржәтә роуит, аха ақалақь ахәҭак иахьанӡа ӡыда иҟоуп. Гаграа аӡы рызнагара аус еиҿкаауп.
Гагратәи аӡыҭгагатә станциақәа "Репруа-1", "Репруа-2" афымцатә цәаҳәа аусура аиԥҟьара иахҟьаны ақалақь ауааԥсыра ӡыда иҟоуп ажьырныҳәа 10 раахыс.