Аԥсны

Кәыҵниа: Риҵа иҟоу Сталин идача - милаҭтә малуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Риҵатәи амилаҭ парк аҵакыраҟны иҟоу Сталин идача - милаҭтә малуп, аӡәы иааирхәарагьы ҟалараны иҟаӡам хәа иҳәеит Аҳәынҭдачақәа русбарҭа аиҳабы Беслан Кәыҵниа.
Кәыҵниа иажәақәа рыла, аоппозициатә АИХ-қәа рыҟны ицәырҵит авидеонҵамҭа, Сталин идача 850 нызқьмааҭ ҳәа иаазхәаз, ари аҭыԥ аҟны акурорт аҟаҵара згәы иҭоу, иааиуа хәышықәса ирылагӡаны 800 миллион мааҭ ширҳауа атәы зҳәо.

"Ишәгәалаҳаршәоит, ари ахҭыс азы ацәажәарақәа шҿыцым. 2005 шықәсазгьы АИХ-қәа рыҟны ицәырҵит урыстәылатәи анаплакҩы, амалуаҩ Олег Дерипаск ҳәа аӡәы аахәара игәы ишҭаз азы. Ари ажәабжь анаҿаԥырҽ ашьҭахь, адача уаанӡатәи Москва ақалақь ахада Иури Лужков иаадырхәеит ҳәа аҳәара иалагеит", - ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Кәыҵниа ауааԥсыра ааиԥхьоит ираҳауа ажәабжь гәарҭаларц аофициалтә хыҵхырҭақәа рыҟны.
Аӡиа Риҵа аҩадахьтәи аԥшаҳәаҟны Сталин идача ргылан 1947 шықәсазы. Иосиф Сталин ихаҭа араҟа хәынтә роуп аԥсшьараз аара анилшаз. 1953 шықәсазы иара данԥсы ашьҭахь, адача рхы иадырхәон Никита Хрушьови Леонид Брежневи.