Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳаиртә хыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 23 карыжьит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Урыстәыла аҳаиртә хыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аицҭырҟьаратә ареактивтә хгәыцәқәа 17, 23-дрони карыжьит, абри атәы аанацҳаит амҽыша, Урыстәыла атәылахьчарра аминистрра апресс-маҵзура.
"ДЖәР, ЛЖәР, Запорожтәи Херсонтәи аоблостқәа рыҟни Урыстәыла аҳаиртә хыхьчаратә хархәагақәа рыла иҭархоуп аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 23, иара убас аицҭырҟьаратә ареактивтә хгәыцәқәа HIMARS-и "Урагани" - 17", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.
Иҷыдоу операциа аналагаз инаркны иҭархоуп украинатәи арратә ҳаирпланқәа 567, авертолиотқәа 265, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 10 664, аракетатә ҵәҩанҵәхысгатә хыԥсаҟьагақәа 450, атанкқәеи аибашьыгатә акәылӡмашьынақәеи 14 618, аибашьыгатә ареактивтә машьынақәа 1 202, адәахьтәи абзарбзанқәеи аминаршәгақәеи 7 729, иара убас иҷыдоу арратә автомобилтә техника 17 455 ак.