Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа уахыки-ҽнаки рыла 70 украинатәи адронқәа карыжьит

Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп аԥырҩы дызмам украинатәи ахархәагақәа 10758.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла 69 украинатә дрони 13 ареактивтә хгәыцәиқәеи карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызмам ахархәагақәеи, аракетатә ари, артиллериеи 112 раион рҿы УАМ аибашьцәеи арратә техникеи ааха рырҭеит.
Аусбарҭа адыррала Купиансктәи ахырхарҭаҿы ар ргәыԥ "Западный" аибашьцәа иаԥдырҟәҟәааит ажәыларақәа фба, ааха рырҭеит 160 солдаҭ, атанкқәа хԥа – "Leopard-2" назлоу, ҩ-пикапк.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы УАМ аибашьцәа ржәыларақәа ԥшьба аԥырҟәҟәаауп Червонаиа Дибровеи Иамполовкеи иахьрыҵаркуа, Киев 250 еибашьҩи, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩбеи, ф-автомашьынаки ацәыӡит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Амчыбжь иалагӡаны 48-ҩык украинатәи асолдаҭцәа рхала урыстәылатәи аруаа рыҽрырҭеит
Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп хә-жәыларак, Курдиумовка иахьаҵанакуа аӷа ааха ӷәӷәа иҭоуп. УАМ иацәыӡит 280 солдаҭ, атанк, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ԥшьба, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", абзарбзан Д-20. Алада-
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 120 украинатә еибашьҩы, ҩ-кәылӡмашьынак, ҩ-пикапк, артиллериатә система М777, абзарбзан МТ-12, Запорожиатәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 115 еибашьҩы, х-кәылӡмашьынак, агаубица Д-20, ҩ-бзарбзанк Д-30.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы аҷа ицәыӡит 65 еибашьҩы, автомашьынақәа ԥшьба, х-артиллериатә системак М777, артиллериатә шьақәгыла М109 "Paladin", х-шьақәгылак "Гвоздика".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Купианcктәи ахырхарҭаҿы ԥшь-жәыларак аԥдырҟәҟәааит