Урыстәыла

Жәабранмза инаркны "Ан лмал" иацлоит

Урыстәыла ахада Владимир Путин идҵа инақәыршәаны 2024 шықәса аҭаацәара ахьчара, атрадициатә ҭаацәаратә беиарақәа реиқәырхара русхк аҟны аҳәынҭқарратә политика аларҵәара ахьчара иашықәсны ирылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. 2024 шықәса жәабранмза 1 инаркны "Ан лмал" иацлоит ҳәа аҳәоит Урыстәыла аиҳабыра р-Telegram-канал.
"Ахада инапынҵала 2022 шықәса раахыс аинфлиациа инақәыршәаны "Ан лмал" иацырҵоит. Убри инақәыршәаны 2024 шықәса жәабранмза 1 инаркны актәи ахәыҷы изы иршәо иацлоит 43,4 нызқь мааҭ, аҩбатәи изы иршәо – 57,4 нызқь мааҭ", – иҳәеит аџьеи асоциалтә хьчареи рминистр Антон Котиаков.
2024 шықәсазы аԥарашәара иартәоит 630,4 нызқь мааҭ актәи ахәыҷы изы, 833 нызқь - мааҭ аҩбатәи ахәыҷы изы. Аиндексациаанӡа аԥара ззыршәахьаз ирзацырҵоит даҽа 202,6 нызқь мааҭ.
Котиаков иҳәеит аиҳарак аҭаацәарақәа арҭ аԥарақәа рынхаратә ҭагылазаашьа аиӷьтәра ишаздырхо. 2023 шықәсазы ари ахырхарҭа рхы иадырхәеит 677 000 ҭаацәара. Иара убасгьы аԥара ахархәара арҭоит ахәыҷы иҵараҵаразы.