Аԥсны

Ахьӡ-аԥша апарк машьынала иқәлаз Аԥсны АҩА рминистрра аусзуҩ иусура дамхуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Ахьӡ-аԥша апарк машьынала иқәлаз амилициа алеитенант еиҳабы Назар Карданов Аԥсны АҩА рминистрра аҟынтәи иусура дамхуп, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, Карданов инапынҵақәа рҟынтәи ихы дшақәиҭу амилициа аусзуҩцәа ирзаԥҵәоу аԥҟарақәа ахьеилеигази, урҭ ирықәнагам ахымҩаԥгашьа ахьааирԥшызи ирыхҟьаны.
Карданов ихы дшақәиҭу азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны АҩА рминистр Роберт Кьиут.
Ажьырныҳәа 14-15 руха Карданов Ахьӡ-аԥша апарк машьынала дықәлеит. Уи ихымҩаԥгашьа иақәыӡбаз рацәаҩхеит.