Аԥсны

Аныҳәамшқәа раан Аԥсны амҩақәа рҿы амашәырқәа хәба ҟалеит

Сынтәа Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа акыр иауын, ареспублика ауааԥсыра ажьырныҳәа 1-15 рыԥсы ршьон.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 аахыс Аԥсны амҩақәа рҿы амашәырқәа хәба ҟалеит, абри атәы азгәарҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут имҩаԥигаз аҳасабырба-плантә еилацәажәараҿы.

Амҩатә машәырқәа рҟны ҩыџьа ҭахеит, ԥшьҩык еиуеиԥшым аахақәа роуит.

Ашықәс иалагазар ААИ арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкыз рганахь ала 86 ԥкаанҵа еиҿыркааит.
Аиҳарак амҩатә ԥҟарақәа еиларгон Аҟәа – 487, Гагра араион – 471. Гагра араион аҿоуп амашәырқәа хԥа аҭыԥ ахьрымаз (аӡәы дҭахеит, ҩыџьа аахақәа роуит).
Гәдоуҭа араион аҿы иаарԥшын 151 зинеилагара, Аҟәа араион аҿы - 304, Очамчыра араион аҿы - 259, Гал араион аҿы - 122.
Зегь раасҭа амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы аԥкаанҵақәа еиҵаны илҩаан Гәылрыԥшьи Тҟәарчали араионқәа рҿы – 93; 53.
Аԥсны
2023 шықәсазы Аԥсны амҩан шаҟа машәыр ҟалаз ҳәоуп