Аԥсны

Аныҳәамшқәа раан Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит жәа-нызқьҩык рҟынӡа ауаа

Ашықәс иалагазар Риҵатәи амилаҭтә парк ахь аҭаларазы быжь-миллион мааҭ рыхә абилеҭқәа ҭииуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Аныҳәамшқәа раан Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит жәа-нызқьҩык рҟынӡа ауаа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.

"2024-тәи ашықәс раԥхьатәи 15 мшы рыҩнуҵҟа апарк иаҭааит 10 831-ҩык, 2023 шықәсазы – 11 093-ҩык. Сынтәа маҷк аҭааҩцәа реиҵахара Урыстәыла аԥсшьарамшқәа еиҳа иахьрыгдырхаз иадысҳәалоит. Аԥсны раԥхьатәи аусурамш ажьырныҳәа 16 акәзар, Урыстәыла ажьырныҳәа 9 акәын", - иҳәеит Багаҭелиа.

Сынтәазы иҭиу абилеҭқәа ирыҭныхуп 6,9 миллион мааҭ, 2023 шықәсазы – 7,2 миллион. Иара убасгьы иҳәеит иаалукаартә ишыҟаз 2021 шықәса. Усҟан апарк иаҭааит 12 нызқьҩык атуристцәа.
Аԥсны
Ауадҳара метраки бжаки асы шьҭоуп