Арадио

Багаҭелиа Риҵаҟа уназго амҩазы: есымша еиқәшәоуп

Sputnik
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра ашәаԥыџьаԥ ԥшӡа атуристцәа реиԥш аҭыԥантәи ауаагьы ираҩрыжьуам. Сынтәа апарк иаднакылаз аԥcшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, аӡынтәи аныҳәамшқәа шымҩасыз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
"Арыцхә акы инаркны 10-15 рҟынӡа ауаа рацәаны иаауеит Риҵаҟа. Амза 2 рзы сынтәа ҽнакала 2,5 нызқьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа ҳазҭалеит. Ҵыԥх 2 нызқьҩык ыҟан. Ҳара ус ишыҟалоз ҳдыруан, ҳҽазыҟаҵаны ҳаҟан, уахгьы-ҽынгьы амаҵзурақәа аус руан. Атехника, аԥслымӡ зегьы ырмазеины иҟан, амҩа еиқәшәан, изҭахыз дцон-даауан. Сынтәа 15 мшы рыла иҳадаҳкылеит 10 нызқьи 800-ҩык ауаа. Ҵыԥхгьы сынтәагьы рхыԥхьаӡара еиҟароуп", - иҳәеит Багаҭелиа.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Риҵаҟа уназго амҩазы есымша ишеиқәшәоу, иахәҭоу аусбарҭақәа уи азы уахгьы-ҽынгьы ишыҷаԥшьо. Багаҭелиа иҳәеит амҩа асы аҟынтәи изрыцқьо даҽа техникак аахәарагьы ишазхәыцуа, шықәсынаҟьак ауаа рыдкыларазы. Ҵыԥх аӡынра иалагӡаны 40 нызқьҩык раҟара атуристцәа рыдыркылеит Риҵа иҳәеит Багаҭелиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.