https://sputnik-abkhazia.info/20240117/bagaelia-riaa-unazgo-amazy-esymsha-eishoup-1049834749.html
Багаҭелиа Риҵаҟа уназго амҩазы: есымша еиқәшәоуп
Багаҭелиа Риҵаҟа уназго амҩазы: есымша еиқәшәоуп
Sputnik Аҧсны
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра ашәаԥыџьаԥ ԥшӡа атуристцәа реиԥш аҭыԥантәи ауаагьы ираҩрыжьуам. Сынтәа апарк иаднакылаз аԥcшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, аӡынтәи... 17.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-17T18:31+0300
2024-01-17T18:31+0300
2024-01-17T18:31+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/10/1049835031_0:0:1979:1114_1920x0_80_0_0_08577cd262af600db3c5a86511294dd3.jpg
Багаҭелиа Риҵаҟа уназго амҩазы: есымша еиқәшәоуп
Sputnik Аҧсны
Багаҭелиа Риҵаҟа уназго амҩазы: есымша еиқәшәоуп
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра ашәаԥыџьаԥ ԥшӡа атуристцәа реиԥш аҭыԥантәи ауаагьы ираҩрыжьуам. Сынтәа апарк иаднакылаз аԥcшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, аӡынтәи аныҳәамшқәа шымҩасыз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы Адамыр Багаҭелиа."Арыцхә акы инаркны 10-15 рҟынӡа ауаа рацәаны иаауеит Риҵаҟа. Амза 2 рзы сынтәа ҽнакала 2,5 нызқьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа ҳазҭалеит. Ҵыԥх 2 нызқьҩык ыҟан. Ҳара ус ишыҟалоз ҳдыруан, ҳҽазыҟаҵаны ҳаҟан, уахгьы-ҽынгьы амаҵзурақәа аус руан. Атехника, аԥслымӡ зегьы ырмазеины иҟан, амҩа еиқәшәан, изҭахыз дцон-даауан. Сынтәа 15 мшы рыла иҳадаҳкылеит 10 нызқьи 800-ҩык ауаа. Ҵыԥхгьы сынтәагьы рхыԥхьаӡара еиҟароуп", - иҳәеит Багаҭелиа.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Риҵаҟа уназго амҩазы есымша ишеиқәшәоу, иахәҭоу аусбарҭақәа уи азы уахгьы-ҽынгьы ишыҷаԥшьо. Багаҭелиа иҳәеит амҩа асы аҟынтәи изрыцқьо даҽа техникак аахәарагьы ишазхәыцуа, шықәсынаҟьак ауаа рыдкыларазы. Ҵыԥх аӡынра иалагӡаны 40 нызқьҩык раҟара атуристцәа рыдыркылеит Риҵа иҳәеит Багаҭелиа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/10/1049835031_0:0:1979:1484_1920x0_80_0_0_a52df21935e0991dd74e99f1e3168a93.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Багаҭелиа Риҵаҟа уназго амҩазы: есымша еиқәшәоуп
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра ашәаԥыџьаԥ ԥшӡа атуристцәа реиԥш аҭыԥантәи ауаагьы ираҩрыжьуам. Сынтәа апарк иаднакылаз аԥcшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, аӡынтәи аныҳәамшқәа шымҩасыз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
"Арыцхә акы инаркны 10-15 рҟынӡа ауаа рацәаны иаауеит Риҵаҟа. Амза 2 рзы сынтәа ҽнакала 2,5 нызқьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа ҳазҭалеит. Ҵыԥх 2 нызқьҩык ыҟан. Ҳара ус ишыҟалоз ҳдыруан, ҳҽазыҟаҵаны ҳаҟан, уахгьы-ҽынгьы амаҵзурақәа аус руан. Атехника, аԥслымӡ зегьы ырмазеины иҟан, амҩа еиқәшәан, изҭахыз дцон-даауан. Сынтәа 15 мшы рыла иҳадаҳкылеит 10 нызқьи 800-ҩык ауаа. Ҵыԥхгьы сынтәагьы рхыԥхьаӡара еиҟароуп", - иҳәеит Багаҭелиа.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Риҵаҟа уназго амҩазы есымша ишеиқәшәоу, иахәҭоу аусбарҭақәа уи азы уахгьы-ҽынгьы ишыҷаԥшьо. Багаҭелиа иҳәеит амҩа асы аҟынтәи изрыцқьо даҽа техникак аахәарагьы ишазхәыцуа, шықәсынаҟьак ауаа рыдкыларазы. Ҵыԥх аӡынра иалагӡаны 40 нызқьҩык раҟара атуристцәа рыдыркылеит Риҵа иҳәеит Багаҭелиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.