АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла асистемақәа "Ольха", "Vampire"70 рыхгәыцәқәа 11 карыжьит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызмам ахархәагақәеи, аракетатә ари, артиллериеи 119 раион рҿы УАМ аибашьцәеи арратә техникеи ааха рырҭеит, ааха рырҭеит аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа, арадиолокациатә станциақәа П-18, "Небо-СВ", аамҭала аҳәаанырцәеибашьцәа ргыларҭа аҭыԥ, 103 артиллериатә ҟәша.
Аусбарҭа адыррала Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп УАМ аибашьцәа 30-ҩык, акәылӡмашьынақәа ҩба, х-автомашьынак, Краснолимансктәи ахырхарҭаҿы –210 еибашьҩы ҭархоуп, атанк, акәылӡмашьынақәа ҩба, ҩ-автомашьынак, агаубица Д-30.
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла УАМ иацәыӡит 290-ҩык солдаҭ, танкк, аибашьыгатә машьынақәа ҩба, акәылӡымашьынақәа хәба, амашьынақәа12, агаубица Д-30. Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархан 75-ҩык аибашьцәа, ҩ-машьынак, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Запорожиетәи ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 25-ҩык аибашьцәа, х-машьынак, агаубица Д-30. Херсонтәи ахырхарҭаҿы -250ҩык аӷацәа, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгылақәа "Гвоздика".