Аԥсны

Гәдоуҭа араион инхо ахаҵа амилициаа аҿагылара ахьриҭаз азы ишьҭазаара рылаҳәоуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭа инхо Адамыр Ԥачалиа иԥшаара рылаҳәоуп, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара адырралақәа рыла, Ԥачалиа ԥхынҷкәын 25 рзы Гал араион Хьацха ақыҭан иҟоу агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аҿы амилициа аусзуҩцәа аҿагылара риҭеит.
Ԥачлиа амилициа аҟәшахьы анеира мап ацәикит, Очамчыра араион ашьаусԥшаара аҟәша аиҳабы и.н. Захариан дишьклахысит. Абри ашьҭахь аҭыԥ аҟынтәи аҳәынҭномерқәа змамыз автомашьына Мерседес ала дыбналеит.
Амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала амч ахархәарази закәаншьаҭада абџьар аныҟәгара, амазаара, амҩангара рзи ашьаусҭҵаара мҩаԥыргоит.
Аԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит Аԥсны АШәМеи Аԥсны АҩАРеи.