Арадио

Аб Игнати (Кьиут): Иаса Қьырса иҿарԥшала иаҳирбеит аҽӡаахра ақәнаганы ишыҟоу

Sputnik
Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Кьиут) арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аӡаахра амш мамзаргьы Анцәаицәырҵра ҳәа изышьҭоу амш аҵакы, азгәаҭашьа, аӡаахра аҵакы.
Ари амш азы ақьырсиан иашахаҵара ныҟәызго иргәаладыршәоит Иордан аӡиас аҟны Иаса Қьырса аӡы иӡаахра ахҭыс. Уи аҽны илабҿабахеит хаӡәкны анцәа ицәырҵра - хыхьынтә игаз аб анцәа ибжьы: "Абри иоуп сара сԥа, изцу сгәаԥхара!" анцәа иԥа Иордан аҟны зыҽӡаазхуаз, аԥсыцқьа аҳәыҳә ԥшра зманы хыхьынтә илбааз.
"Дарбан қьырсианзаалак дахьыҟазаалакгьы аӡӡаахра иқәнагоуп. Уи ҳара ҿырԥшыс иаҳирбеит Иаса Қьырса. Иара иҽӡааихеит Иоанн Анаҭаҩ ила, иагьҳирбеит уи шымҩаԥгатәу ӡылеи ԥсылеи. Ус ала ҳара ҳаҽҳнаҭароуп, аха иаҳҭахханы, ҳгәаҳәарыла, мчыла акәымкәа. Аӡаахра аҵак дуӡӡа амоуп… Аӡы адоуҳа, амч ду амоуп. Уи ҳарыцқьоит, иара ала ҳҽаҳаӡәӡәоит. Аӡы ахьыҟам аԥсҭазаара ыҟаӡам", - иҳәеит Кьиут.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.