https://sputnik-abkhazia.info/20240119/ab-ignati-kiut-iasa-yrsa-iarshala-iairbeit-aaakhra-anagany-ishyou-1049866068.html
Аб Игнати (Кьиут): Иаса Қьырса иҿарԥшала иаҳирбеит аҽӡаахра ақәнаганы ишыҟоу
Аб Игнати (Кьиут): Иаса Қьырса иҿарԥшала иаҳирбеит аҽӡаахра ақәнаганы ишыҟоу
Sputnik Аҧсны
Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Кьиут) арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аӡаахра амш мамзаргьы Анцәаицәырҵра ҳәа изышьҭоу амш... 19.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-19T11:25+0300
2024-01-19T11:25+0300
2024-01-19T12:36+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/12/1049866167_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_2b9cd48464dc80f566a456c923f62f84.jpg
Аб Игнати (Кьиут): Иаса Қьырса иҿарԥшала иаҳирбеит аҽӡаахра ақәнаганы ишыҟоу
Sputnik Аҧсны
Аб Игнати (Кьиут): Иаса Қьырса иҿарԥшала иаҳирбеит аҽӡаахра ақәнаганы ишыҟоу
Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Кьиут) арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аӡаахра амш мамзаргьы Анцәаицәырҵра ҳәа изышьҭоу амш аҵакы, азгәаҭашьа, аӡаахра аҵакы.Ари амш азы ақьырсиан иашахаҵара ныҟәызго иргәаладыршәоит Иордан аӡиас аҟны Иаса Қьырса аӡы иӡаахра ахҭыс. Уи аҽны илабҿабахеит хаӡәкны анцәа ицәырҵра - хыхьынтә игаз аб анцәа ибжьы: "Абри иоуп сара сԥа, изцу сгәаԥхара!" анцәа иԥа Иордан аҟны зыҽӡаазхуаз, аԥсыцқьа аҳәыҳә ԥшра зманы хыхьынтә илбааз."Дарбан қьырсианзаалак дахьыҟазаалакгьы аӡӡаахра иқәнагоуп. Уи ҳара ҿырԥшыс иаҳирбеит Иаса Қьырса. Иара иҽӡааихеит Иоанн Анаҭаҩ ила, иагьҳирбеит уи шымҩаԥгатәу ӡылеи ԥсылеи. Ус ала ҳара ҳаҽҳнаҭароуп, аха иаҳҭахханы, ҳгәаҳәарыла, мчыла акәымкәа. Аӡаахра аҵак дуӡӡа амоуп… Аӡы адоуҳа, амч ду амоуп. Уи ҳарыцқьоит, иара ала ҳҽаҳаӡәӡәоит. Аӡы ахьыҟам аԥсҭазаара ыҟаӡам", - иҳәеит Кьиут.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/12/1049866167_180:0:2911:2048_1920x0_80_0_0_a31a2514ff31d0bc10a221b39d21d47b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аб Игнати (Кьиут): Иаса Қьырса иҿарԥшала иаҳирбеит аҽӡаахра ақәнаганы ишыҟоу
11:25 19.01.2024 (ирҿыцуп: 12:36 19.01.2024) Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Кьиут) арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аӡаахра амш мамзаргьы Анцәаицәырҵра ҳәа изышьҭоу амш аҵакы, азгәаҭашьа, аӡаахра аҵакы.
Ари амш азы ақьырсиан иашахаҵара ныҟәызго иргәаладыршәоит Иордан аӡиас аҟны Иаса Қьырса аӡы иӡаахра ахҭыс. Уи аҽны илабҿабахеит хаӡәкны анцәа ицәырҵра - хыхьынтә игаз аб анцәа ибжьы: "Абри иоуп сара сԥа, изцу сгәаԥхара!" анцәа иԥа Иордан аҟны зыҽӡаазхуаз, аԥсыцқьа аҳәыҳә ԥшра зманы хыхьынтә илбааз.
"Дарбан қьырсианзаалак дахьыҟазаалакгьы аӡӡаахра иқәнагоуп. Уи ҳара ҿырԥшыс иаҳирбеит Иаса Қьырса. Иара иҽӡааихеит Иоанн Анаҭаҩ ила, иагьҳирбеит уи шымҩаԥгатәу ӡылеи ԥсылеи. Ус ала ҳара ҳаҽҳнаҭароуп, аха иаҳҭахханы, ҳгәаҳәарыла, мчыла акәымкәа. Аӡаахра аҵак дуӡӡа амоуп… Аӡы адоуҳа, амч ду амоуп. Уи ҳарыцқьоит, иара ала ҳҽаҳаӡәӡәоит. Аӡы ахьыҟам аԥсҭазаара ыҟаӡам", - иҳәеит Кьиут.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.