Аԥсны

Быҭәбеи Мурашкои Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчаратә усбарҭақәа реинырра атәы иалацәажәеит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Едуард Быҭәбеи Михаил Мурашкои Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчаратә усбарҭақәа реинырра атәы иалацәажәеит.
Аминистрцәа алацәажәеит:
2024 шықәсазтәи атурист аамҭа аҽазырхиара,
амедицинатәии афармацевттәии усзуҩцәа рзанааҭтә зыҟаҵареи рҟазара аҩаӡара ашьҭыхреи рызҵаарақәа,
иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа урыстәылатәи амедусҳәарҭақәа рҿы рыхәшәтәра.