Аԥсны

Лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Синиавскаиа

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, аџьа аветеран Екатерина Синиавскаиа лыԥсҭазаара далҵит 102-шықәса дшырҭагылаз.
1942 шықәсазы Синиавскаиа Ар Ҟаԥшь дрылалеит. Екатерина Уасил-иԥҳа аԥхьа Баҭымтәи абаӷәаза зыхьчоз ротриад далан. Хы-шықәсеи бжаки рышьҭахь Аҟәаҟа даарышьҭит аихамҩацҳақәа зыхьчоз 20-тәи азенит-пулемиоттә батареиа акомсоргс.
Аибашьра анҵәамҭаз Екатерина Синиавскаиа дызлаз адивизион Мрагылара Хараҟа ирышьҭит. Лара уа дыҟан 1945 шықәса, абҵарамзанӡа. Иланашьоуп Аџьынџьтәылатә еибашьразы аорден II аҩаӡара, амедалқәа "Аибашьратә лшамҭақәа рзы", " Кавказ ахьчараз", " Германиа аиааираз", " Иапониа аиааираз".
55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны атәылауаа 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рҟны еибашьуан, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык рыҩныҟа изыхнымҳәӡеит, 22-ҩы Аԥсны аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан.
Екатерина Синиавскаиа: аибашьра сцеит 18 шықәса ансхыҵуаз