АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Бзыԥҭатәи ацҳаҟны иҟалаз амҩатә машәыр аҟны аӡәы дҭахеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҭаниа.
"Арыцҳара ҟалеит Бзыԥтәи ацҳаҟны. Иасуаз аԥшацәгьа иахҟьаны аидарарҳәазага автомашьына ду иақәгылаз аконтеинер хышәҭны автомашьына "Волга" иақәҳаит. Иҟалаз амашәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит. Даҽаӡәы иҭагылазаашьа бааԥсны ахәшәтәырҭахь днагоуп", - ҳәа иҳәеит Ҭаниа.
Аԥсны АҩАР аҟны ирҳәеит, амашәыр шыҟалаз асабша, ажьырныҳәа 20 асааҭ 14:20 рзеиԥш. Уажәы ацҳаҟны амашьынақәа рныҟәараз амҩабжа аркуп, аҭыԥаҟны аус руеит амҩатә мацзуреи Аҳәынҭавтоинспекциеи русзуҩцәа.